Аԥсны

Гагра амшынеисра иахҟьаны аӡыҭгагатә станциеи ҩынқәаки аӡы рыҵалеит

Абҵара 30 ԥхынҷкәын 1 ауыха Аԥсны амшын иаԥну ахәҭаҟны аԥшатлакәи амшынцәқәырԥареи асуан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Терешкова лымҩаҿ игылаз ҩынқәаки аӡыҭгага станциа "Репруа-1" аӡы рыҵалеит амшынеисра иахҟьаны, абри атәы иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамур Ҵышәба.
"Ари амҩаҿы 15 ҩны гылоуп. Макьаназ иҟоу аԥхасҭа ахәшьара аҭам. Акапиталтә обиектқәа ԥырхага рмоуцт. Амшын макьанагьы ицәқәырԥоит. Иҟоуп актәи аихагылақәа аӡы ахьрыҩналаз", - иҳәеит иара.
Ҭемыр Агрба Аинвестпрограмма 2020-2022 анагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Ҵышәба иҳәеит аҭыԥ ахь амаҵзурақәа неины ишыҟоу, аиҳабыра ацхыраара шыҟарҵо.
Иара убасгьы аӡы рыҵалеит апринц Ольденбурски ихьӡ зху апарк амшы иаԥну аҭыԥқәа.
Аӡыҭгага станциа "Репруа-1" аӡы ахьаҵалаз иахҟьаны Гагра аамҭала ӡыда иҟоуп.
"Аӡыҭгагагьы атрансформаторгьы аӡы рыҵалеит. Уажәы аматорқәа рырбара иаҿуп. Аамҭала ақалақь ӡыда иаанханы иҟоуп. Аӡы аноуҳажьуа атәы сызҳәом" - иҳәеит иара.
Иара убас иҳәеит абҵарамза 30 рзы иҟаз аԥшаӷьы иахҟьаны Ԥсоутәи аҳәааҿы игылаз автомашьынақәа аӡыргаратә ҭӡы рықәҳаит ҳәа. Уахь инеиз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа акт шьақәдыргылеит.