АҞӘА, ԥхынҷкәын 1- Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла НАТО ашьаҿақәа рҭак шанаҭо азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Иарбанызаалак ицәгьашатәу ашьаҿақәа ишрыхәҭоу ала аҭак рыҭахоит, амилаҭтә интересқәа шәарҭарак иҭамыргыло", - иҳәеит Лавров Афедерациатә хеилак аҿы "Аиҳабыратә сааҭ" амҩаԥысраан.
Иара иҳәеит Урыстәыла шазыхио аҳәынҭқаррабжьаратә диалог жәларбжьаратәи азинқәеи ООН Аԥҟаԥҵәа апринципқәеи шьаҭас иҟаҵаны.
"Убри аан шьаҭанкыла иҳадаҳкылом хаԥышәала ҳазнеира, ҳаҩныҵҟатә усқәа ахрылагалара, мҽыӷла ҳацәажәара", - иҳәеит иара асеиԥш аҭагылазаашьа аҭак шаҭахо азгәаҭаны.
Лавров иара убасгьы иҳәеит, Украина Урыстәыла иаҿагыло аҟаҵаразы НАТО аҽазышәара ишаҿу.