Лукашенко: Белоруссиа Урыстәыла иадгылоит Украина аганахь ала шәарҭарак ҟалар

Уаанӡа Лукашенко иҳәахьан белоруссиа-украинатәи аполитикатә еизыҟазаашьақәа зынӡа ишьҭаханы иҟоуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Минск Москва адгылара анаҭоит Украина аганахь ала шәарҭарак ҟалар, абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.

"Анцәа иумҳәан, аха Белоруссиа Урыстәыла иадгылоит Украина аганахь ала шәарҭарак ҟалар. Урыстәылеи ҳареи аекономикатә, азиндырратә, аполитикатә хырхарҭақәа рыла аӡәыкны ҳаицыҟоуп. Уи акраҵанакуеит", - иҳәеит Лукашенко.

Иара иҳәеит ахаангьы дшадымгыло "амилаҭеилыхра аҳра ахьауа Украина". "Сара исылшо зегь ҟасҵоит Украина ҳара иаҳтәхарц. Уа ҳажәлар роуп иҟоу. Ари баша цәажәарам, ари сара сгәаанагараҵәҟьоуп", иҳәеит иара.
Украина Мраҭашәара атәылақәак инарываргыланы Белоруссиа ахара аднаҵоит атәыла аҩныҵҟатә усқәа ахы рыланагалоит ҳәа. Киеви Мински реизыҟазаашьа бааԥсхеит, Лукашенко закәанла иалху ахада ҳәа дыԥхьаӡам ҳәа Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭа ашьҭахь.
Путин Украина ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа еиндыршәарц