Путин Украина ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылеи дареи реизыҟазаашьақәа еиндыршәарц

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Украина аҳәаақәа рҿы Урыстәыла ар гылоуп ҳәа иҟаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит аинвестициатә форум "Россия зовет!" аҿы, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ар радгалара акәӡам ара иусны иҟоу – Украина ҳаизыҟазаашьақәа ҭышәнартәалароуп. Уи аналыршаха иарбанызаалак шәарҭарак аӡәгьы иоуӡом, ҳәа иҳәеит иара.
"Ар рнагара, аибашьра, амеибашьра ракәӡам ара иусны иҟоу. Ара иусны иҟоу аизыҟазаашьақәа рырбзиароуп. Абри аус гәык-ԥсык ала ҳазнеир дарбанызаалак аӡәгьы шәарҭарак иоуӡом", - ҳәа иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада агәыӷра ааирԥшит Украинеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа ацәаҳәа ҟаԥшь аҟынӡа инеирым ҳәа.
"Украина аҵакыраҿы идыргылар Москванӡа знеира 7-10 минуҭ аҭаххо акомплексқәа, ма абжьы иаԥысуа 5 минуҭк рыла инаӡо акомплексқәа, иҟаҳҵараны иҟоузеи? Ҳаргьы ус еиԥш иҟоу акы аԥаҳҵар акәхоит. Ҳара уи ҳалшоит. Ааигәа иԥаҳшәеит аракета ҿыц. Уигьы аҭыԥ аҿы анеира 5 минуҭк роуп иаҭаху. Абри ауп ацәаҳәа ҟаԥшь ҳәа ззаҳҳәогьы. Сгәыӷуеит уи аиԥш ҟаларым ҳәа. Сгәыӷуеит ахшыҩ аԥыжәара агап ҳәа" - иҳәеит Путин.
Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит НАТО атәылақәа рырратә техника Урыстәыла аҳәаахь ишаарго