Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бигәаа Агәыбедиа абылра иақәшәаз аҭаацәа ироуа ацхыраара иазкны

Агәыбедиа ақыҭа ахада Генри Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ааигәа зыҩны блыз аҭаацәара рацәа хыҵакырҭас ирымоу, насгьы изықәгәыӷуа ацхыраара атәы.
Sputnik
Тҟәарчал араион Агәыбедиа ақыҭан иҟалаз арыцҳара иахҟьаны ԥшьҩык ахшара ахьыҟоу аҭаацәара нхарҭа ҭыԥда иаанхеит. Уажәазы аҭаацәа гәылара аҩны иҩноуп, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараан Агәыбедиа ақыҭа ахада.
"Аҩны аргылара аусзуҩцәа нап адыркхьеит. Арыцҳара шыҟалаз атәы заҳаз зегьы ацхыраара рырҭо иалагеит. Аҩны аргыларазы амаҭәахәқәа абжеиҳарак аагоуп. Агәыҳалалратә хеилакқәа амаҭәақәеи афатәи рзааргеит. Хатаб Анқәаб даара ацхыраара рзыҟаиҵеит, аблокқәа роума, аӷәқәа, ашәқәа, апенџьырқәа, раахәара ихахьы игеит. Араион аиҳабырагьы аргыларатә маҭәахәқәа рыла еиҵахарак ҟалар, ацхыраара шыҟарҵо азы адырра ҳарҭеит. Уажәы ироуа ацхыраареи аргыларақәеи злацо ала ашықәс нҵәаанӡа аҭаацәа рыҩны иҩналартә иҟалар алшоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бигәаа.