Урыстәыла ПЦР-тест аҿҳәара 48 сааҭ рахь иладырҟәуеит

Роспотребнадзор аҭҵаарадырратә центр аус аднауылеит атест ҷыда омикрон-штамм аарԥшразы. Абри атәы лҳәеит ахылаԥшратә усбарҭа аиҳабы Анна Попова COVID-19 аԥырҟәҟәаразы акоординациатә хеилак апрезидиум аилатәараҿы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 - Sputnik. Урыстәыла ПЦР-тест аҿҳәара 72 сааҭ рҟынтәи 48 сааҭ рахь иладырҟәуеит омикрон-штамм аҷыдарақәа инарыдҳәаланы ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Роспотребнадзор аиҳабы Анна Попова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Попова иазгәалҭеит "омикрон" ашәарҭарақәа шцәырнаго, аҭҵаара шаҭаху. Аштамм аҽеиҭакра авирус алаҵәара иацхраауеит.
Урыстәыла макьаназы COVID-19 ари ахкы аӡәгьы идрымбалацт.
Гинцбург далацәажәеит COVID-19 аштамм "омикрон" аҟынтә алаҵаҟаҵара аҿҳәара
Абҵарамза анҵәамҭазы аҵарауаа ирҳәеит Ботсванеи Африка Аладатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус штамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит ҳәа. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари ахкы атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа иашьеит хьӡыс иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ - "омикрон". Аекспертцәа ргәаанагарала ачымазара шьҭыркаар рылшоит уаанӡа ачымазара зхызгазгьы, алаҵа ҟазҵазгьы.
Евроеидгыла атәылақәаки Урыстәылеи Африка атәылақәак рҟынтә ауаа рыдкылара азин ҟанаҵом.