Аамҭак ала COVID-19 аҟынтә еицыҟауҵар алшо алаҵақәа рыӡбахә рҳәеит

COVID-19 аҟынтә алаҵа ззыҟаҵо, аԥынҵа иҭарҭәо алаҵацҵа ззыҟаҵоу авирус еиҭеигом.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. "Спутник Лайти" аԥынҵа иҭарҭәо алаҵеи аамҭак ала еицыҟауҵар ҟалоит. Ари агәабзиара иаԥырхагам ҳәа азгәанаҭоит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы, COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" аԥызҵаз Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҳара арҭ алаҵақәа анеицыҟаҳҵо ыҟоуп. Ацәеижь азы ԥырхага ыҟам", - иҳәеит Гинцбург.
Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи ринститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Денис Логунов иҳәеит, COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа "Спутник V" ԥырхага ҟанаҵом. Иара хыхьтәи аԥсыԥлагаҩагаратә система ахьчара иазырхоуп иҳәеит иара.
Гинцбург: COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ихәарҭам ныррак унаҭом
"Спутник Лайт" — Гамалеи ихьӡ зху амикробиологиеи аепидемиологиеи Рцентр аҿы аус адыруылеит.