Аԥсны

Апрокуратура хада афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" ахатәтәра ахьынӡаиашоу ҭнаҵаауеит

Афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭаҿы иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны апрокуратура хада афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" ахатәтәра ахьынӡаиашоу ҭнаҵаауеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Агәаҭара алкаақәа рыла ишьақәыргылоуп Аԥсны аминистрцәа реилазаара АМ "Баслаҭа" ахатәтәра иаҵанакуа ахыбрақәа иахьрыҵанакыз, "Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчарази", "Афымцамчхарази" азакәанқәа еиланагоит ҳәа.

"Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы" азакәан инақәыршәаны аҭоурых-культуратә ҭынха иаҵанакуа ахыбрақәа рхатәтәра азин ыҟам.
Убри аан арҭ аобиектқәа рыстатус аиҭакра Жәлар Реизара иаӡбоит. Афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" азы усеиԥш аӡбра ыҟамызт.
Апрокуратура Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашәҟәы нанашьҭит Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара ииашам ҳәа азхаҵаразы.
Аҟәа араион иҟоу афымцастанциа маҷ "Баслаҭа" иаҵанакуеит агидрофымцастанциеи аҟазарҭеи рхыбрақәа, аӡкыра. Ахыбра ахәԥса х-миллионки 313 нызқьи 517 мааҭ ҳәа ишьоуп.