Аԥсны

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ даҭоуп

Дмитри Дбар Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп, иара Аԥсны ахада иусԥҟала аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Зураб Занҭариа, абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Аԥсны
Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп
Зураб Занҭариа Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дыҟан, Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иқәҵарала имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп абҵарамза 29 рзы.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аусԥҟала ихы дақәиҭтәуп Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа, иара даҽа маҵурак ахь диагоуп.