Авирусолог аштамм "омикрон" хызҽша алаҵа далацәажәеит

Африка иаарԥшу акоронавирус авариант ҿыц "омикрон" ирлас адунеи иалаҵәо иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" акоронавирус аштамм "омикрон" ахҽразы хра амоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит авирусолог, абиолог, РАН алахәыла-корреспондент Сергей Нетесов.
COVID-19 зхызгахьоугьы аштамм "омикрон" шьҭыркаар алшоит
Нетесов иҳәеит алаҵа омикрон-штамм иахьынӡаиааиуа шьақәыргылахоит мызқәак рышьҭахь, аха уажәнатә хра шалоу азыԥхьагәоуҭар ҟалоит.
Иара игәаанагарала "Спутник V" COVID-19 авариант ҿыц хра аманы аҿагылараз ихәарҭахоит.
"Аштамм ҿыц "омикрон" ануклеотидқәа рыԥсахраан 50 роуп иҟоу 29 000 нуклеотидқәа рыбжьара. Ари процентк аҟынӡоуп иҟоу. S-хӡы аҽеиҭакрақәа 32 рҟынӡа ыҟоуп. Убри аан S-хӡы иамоу 32 ҽеиҭакра 1273 аминокислот ирылахәуп. Убри аан 80 процент амчра аманы ишьоуп", —иҳәоит авирусолог.
Авирус ҿыц шьҭызкааз апациентцәа Урыстәылагь иҟалар алшоит, избанзар Европа авирус азгәарҭахьеит ҳәа иҳәоит Нетесов.
Авирусолог агәра ганы дыҟоуп алаҵа аштамм "омикрон" иахьынӡаиааиуа алацәажәара ацынхәрас алаҵа ҟарҵар ауп ҳәа.