НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәеит аидгыла Қырҭтәылеи Украинеи рылшарақәа шарӷәӷәо

НАТО адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Украинеи Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа ирԥылеит, Рига.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Рига имҩаԥысуаз аминистрцәа ҩымштәи реиԥылараан иҳәеит аидгыла Қырҭтәылеи Украинеи рылшарақәа шарӷәӷәо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Қырҭтәылеи Украинеи НАТО иапартниорцәоуп, аилазаара алахәхара рҭахуп. Ҳара арҭ аҩ-тәылак адгылара раҳҭоит. Уажәнатә рылшарақәа ҳарӷәӷәоит, аҽазыҟаҵарақәа еицымҩаԥаагоит, аинформациа еимаадоит", - иҳәеит Столтенберг.
Иара иҳәеит НАТО ААРи, Қырҭтәылеи, Украинеи акоррупциа аҿагыларазы ареформақәа рымҩаԥгара ишалацәажәаз.
НАТО Амшын еиқәаҿы аҭагылазаашьа иазкны Украинеи Қырҭтәылеи ирацәажәарц агәы иҭоуп