Аԥсны

РУСДРАМ аҟны Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит

Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы иалкаахоит аԥснытәи 15-ҩык абитуриентцәа
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 2 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны аԥснынтәи абитуриентцәа Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа рҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит.
"Арҵаҩцәа ааит, аԥснытәи абитуриентцәа азыҟазҵало – акурс асахьаркыратә напхгаҩы, актиор, арежиссиор, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски, апрофессор, асценатә цәажәараз арҵаҩы Татиана Пышнова, аҵара-ааӡаратә усуразы аректор ихаҭыԥуаҩ Вера Петровна Тарасова, нас сара", - иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо аҵараиурҭа аректор Борис Лиубимов.
Ԥхынҷкәын 5 рҟынӡа алкааратә уснагӡатәқәа мҩаԥыслоит, абитуриентцәа рыхә ршьалоит. Иҟаҵахо аихшьаалақәа рыла 2022 шықәса цәыббра 1 азы аҵарахь инеиуеит аԥснытәи астудентцәа 15-ҩык.
"Арҭ амшқәа шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа усурала ихаҭәаахоит. Аинститут аҿы ԥшьышықәса аҵара рҵалоит", - иҳәеит иара.
РУСДРАМ аҟны Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит
РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҵараиурҭаҿы аԥсуа курс шаартхо.
"Атеатртә ҵараиурҭақәа рҿы ишыҟоу еиԥш иакымкәа аԥышәарақәа ирхыстәхоит: актиортә ҟазараз аԥышәара, апластикеи атеориатәи ԥышәара – коллоквиум. Абитуриентцәа атеатр, аҟазара, асахьаҭыхра, арҿиара русхк аҟны рдыррақәа аадырԥшыроуп. Аԥышәарақәа ԥшьымш имҩаԥыслоит. Ԥхынҷкәын 5 рзы еилкаахоит 30-ҩык рҟынтәи иалкаахо. Ари апроект мҩаԥысуеит Россотрудничество адгыларала. Россотрудничество аԥсуа курс аартразы аквота азоунажьуеит", - иҳәеит иара.
Аԥснынтәи Шьепкин ихьӡ зху атеатртә институт ахь адкыларақәа ирылагеит
Сандро Шьанаа 20 шықәса ихыҵуеит, дхәыҷаахыс атеатр бзиа ибоит. Ари абзиабара шьҭралатәуп – ианду Ирина Коӷониаԥҳа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артиступ.
"Атеатр ахь абзиабара лара лоуп исылазааӡаз. Сара еснагь лыспектакльқәа рахь снеиуеит. Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩнахьы сныҟәон. Ҭабуп ҳәа ласҳәоит Антонелла Логинова. Лара лоуп артистра сгәаҳәо сҟазҵаз", - иҳәеит иара.
1 / 3

РУСДРАМ аҟны Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит

2 / 3

РУСДРАМ аҟны Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит

3 / 3

РУСДРАМ аҟны Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭаларазы аԥышәарақәа ирылагеит

Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳаӡоу аҵараиурҭа (аинститут) Москва ижәытәӡатәиу атеатртә школқәа иреиуоуп. Иара аҭоурых иахыҵхырҭоуп аимператор Александр I ԥхынҷкәын 28 1809 шықәсазы ишьақәирӷәӷәаз Москватәи аимператортә театртә ҵараиурҭа. Ақәра дуи анысымҩа беиеи здыҟам школаны иҟарҵоит актиортә ҟазара аусхк аганахь ала.