Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра COVID-19 зхызгаз рсертификат аҿҳәара инахеит

Уаанӡа ауааԥсыра ирыҭаз асертификатқәагьы рыҿҳәара 12 мзы рҟынӡа ирыцырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. COVID-19 зхызгаз рзы асертификат шықәсык аҿҳәара амазаауеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Агәыбзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алексеи Кузнецов иажәақәа шьаҭас иганы.
"Ари техникатә процедуроуп. Хара имгакәангьы ихыркәшахоит. Уи азы аӡбрақәа рыдкылоуп", - иҳәеит Кузнецов.
Уаанӡатәи асертификатқәагьы рыҿҳәара фымз ракәын иҟаз.
Урыстәыла Агәыбзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәеит асеиԥш аӡбра зрыдыркылаз COVID-19 ҩынтәны изыхьуа рхыԥхьаӡара маҷуп, 0,74 процент роуп иҟоу.