Аԥсны

Аенергетикцәа шьыжьнаҵы афымцацәаҳәа "Гәымсҭа" аҟны арҽеира иалагеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа асааҭ 05:00 рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нап ддыркит, иаха иԥҵәаз авольтҳарак цәаҳәа "Гәымсҭа" аҿы.
Араҟа ацәаҳәақәа ирықәлаз аидара ахьырзышьҭымхыз азы иԥҵәеит, ҳәа еиҭеиҳәоит анаплакы анџьныр хада Ҭемыр Кациа.
Амашәыр иахҟьаны Аҟәеи Гәдоуҭеи рыхәҭақәак лашарада иҟан. Кациа иажәаәқ арыла ацәаҳәа ахьыԥҵәаз аҭыԥ ахь анеира уахынла изымнеит.
Афымцацәаҳәақәа ражәреи аинфраструктура аххаареи иахьатәи афымцамчхархәара азҳареи ирыхҟьоит аенергетика ауадаҩрақәа.
Аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы раԥхьаӡа акәныы 2021 шықәсазы ареспубликаҿ иалагалан аамҭа-аамҭалатәи алашара арцәара. Уажәы иҟоу аамҭеихшара алагалан "Шьешьелеҭ-1" "Аҽгәара" реидара раҵгаразы.