Аԥсны

Аԥсны ААР аминистри Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩи аилацәажәара мҩаԥыргеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рыбжьара аусеицуразы хра злоу азҵаарақәа, ахәҭакахь ала иазгәаҭан акультура, аспорт, аҵарадырра русхк аҟны аусеицура арҭбаара.
Инал Арӡынбеи Олег Боциеви ргәаанагарақәа еимырдеит ҩ-тәылак раԥхьагылаҩцәа қәыԥшцәа реинырра аусхк аҟны апроектқәа реицымҩаԥгара алыршаразы. Иазгәаҭан Аԥсни Уаԥстәыла рҿартә еиҿкаарақәа рыбжьара аиҿцәажәарақәа шырцыхцыхтәу.
Аԥсны
Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылеит