Аԥсны

Аԥсны аминистррақәак рхадацәа рхаҭыԥуаа рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭитәит атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Даҭо Қаџьаиеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьбеи. Адҵа кьыԥхьуп Аԥсны аминистрцәа реилазаара асаит аҟны.
Иара убас, Аԥсны аԥыза-министр идҵала Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Дмитри Кәычбериа.
Уи аԥхьаҟа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан Зураб Зантариа, уаанӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дыҟан. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Беслан Ҷкадуа ихы дақәиҭтәын даҽа маҵурак ахь дахьиагахо инамаданы.
Ԥхынҷкәынмза 2 инаркны аамҭала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Руслан Ажьиба, Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс иҟаҵара инамаданы.
Аԥсны
Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп