Аԥсны

Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин диԥылеит

Алексеи Двинианин Инал Арӡынба министрс иҟалара идиныҳәалеит, иусураҿы изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3- Sputnik. Ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылара мҩаԥыргеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Аиԥылараҿ иазгәаҭан аусеицура ахырхарҭа хадақәа иреиуоу Аԥсны аинтеграциатә процессқәа рылахәхара ҳәа.
Иара убасгьы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа жәпакы.
Инал Арӡынбеи Алексеи Двинанини агәыӷра аадырԥшит аԥхьаҟагьы аҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа еиҳа инарҵауыланы аҿиара аус аҿы русеицура алҵшәа бзиақәа аанарԥшып ҳәа.