Арадио

Ҵлаииа еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь анышә иамардаз Аибашьра Ду асолдаҭ иҭоурых

Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Цандрыԥшь анышә иамардаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду асолдаҭ ихаҭара шышьақәыргылаз, дахьииз аԥсуа қыҭаҟны изқәа рҭыԥ ҟалартә шалыршахаз.
Sputnik
Иахьа Идырым асолдаҭ игәалашәара амш аҽны Гагра араион аҟны анышә дамардеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз ааигәанӡа хабарда ибжьаӡны иҟаз ирхыԥхьаӡалаз, Украина иҭахаз, Цандрыԥшьынтәи еибашьра ицаз Хачик Кондакчиан. Уи иԥшаара шалыршахаз, дахьҭахаз, иарбан усмҩаԥгатәқәоу иахьа уажәраанӡагьы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аахижьҭеи хабарда ибжьаӡны иҟоу ҳаибашьцәа рганахьала еиҿкаау, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы шаҟаҩы рыԥшаахьоу, зыхьыӡқәа шьақәыргылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииа.
Шәазыӡырҩы аудио.