Аԥсны

Очамчыра аҩны абылраан ахаҵа дҭахеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Очамчыра Леон имҩаду аҟны игылаз ахатәыҩны амца акит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Абылра ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан ахәаша, асааҭ 8:15 азы. Аҭыԥ ахь инеит Очамчыра амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша амцарцәаратә, аиқәырхаратә, амедицинатә хәҭақәа.
Амцарцәаҩцәа аҩны аиқәырхара рылшеит уадак ада. Аха уи ауадаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла алҩа дахәаҽит.