Аԥсны

Тҟәарчал акәша-мыкәша ибжьаӡыз ашәарыцаҩ иԥшаара иаҿуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Ибжьаӡыз ашәарыцаҩ иахьа уажәраанӡагьы аиқәырхаҩцәа иԥшаара иаҿуп Тҟәарчал акәша-мыкәша, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит 32-шықәса зхыҵуа Бето Кокосқьериа иԥшаара ишаҿу.
Аԥшаарақәа ирҿуижьҭеи ԥшьымшуп, абҵара 30 раахыс. Аԥшаарақәа ирылахәуп аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.
Иазгәаҭоуп амш аҭагылазаашьагьы аԥшаарақәа анырра шанаҭо. Ус шакәугьы иара ахыркәшара аӡәгьы игәы иҭам.
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ҩымш ҵуеит шәарыцара ицаны иӡыз Тҟәарчал инхо ахаҵа ишьҭоуижьҭеи