Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ ирҳәеит НАТО ажәа ахьеиларгаз иахылҿиааз

НАТО Мрагыларахь аҽеиҵыхраз Урыстәыла агәҭынчымра иазхьаԥшуам ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. НАТО уаанӡа аҳәамҭа ҟанаҵахьан алианс Мрагыларахь уаҳа аҽарҭбаауам ҳәа, лҳәеит Урыстәыла Афедерациа ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, НАТО ахеилак аилатәара аихшьаалақәа ахҳәаа рыҭо.
Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла НАТО ашьаҿақәа рҭак шанаҭо азы
"Аибашьра хьшәашәа" ашьҭахь Урыстәыла изныкымкәа агәра адыргахьан НАТО арбџьар мчқәа Мрагыларахь шьаҿак ҟарҵом ҳәа. Аха арҭ ажәақәа ирласны ирхашҭит, иагьынармыгӡеит", ҳәа аҳәоит Мариа Захарова лыхҳәаа, Урыстәыла ААР апортал аҿы икьыԥхьу.
НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг уаанӡа иҳәахьан Германиа аҵакыраҿы аиадертә абџьар аргылара иақәшаҳаҭымхар иара аҭыԥ аҿы Европа аҽа тәылақәак ҟалар ҟалоит, Германиа мрагыларатәи ахәҭагьы налаҵаны ҳәа.