Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: ашәҟәыҩҩы Наҷҟьебиа Искандер ипремиа ианашьара иазкны

Ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ипремиа ианашьара иара изы ҵакыс иамоу атәы.
Sputnik
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи апремиа ажиури 2021 шықәсазы алауреатцәа алнакааит. "Хәы змам амазара" аноминациаҟны аԥхьахә ианашьахеит Даур Наҷҟьебиа иажәабжьқәа "Аԥсаҭатә", "Алакә", "Аҵеиџь" рзы. Ажәабжьқәа аԥсшәахьынтә автор ихала иеиҭеигеит.
"Сгәанала, дарбанзаалак аԥсуа шәҟәыҩҩы изы акраҵанакуеит Фазиль ду ипремиа аиура, ҳәарада. Сара хаҭала Фазиль Искандер аԥсуа шәҟәыҩҩы ҳәа дсыԥхьаӡоит, урысшәала дыҩуан аха... Гәахәарла исыдыскылеит, ҳәарада, сажәабжьқәа ари аҩыза апремиа ахьранашьаз, ажиури абас ахә ҳаракны иахьыршьаз", - иҳәеит Наҷҟьебиа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит иажәабжьқәа аԥсшәахьынтә аурысшәахь реиҭагара аус дшазнеиуа, иазгәеиҭеит апремиа аиуразы урҭ хықәкыла ишеиҭеимгаз.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Фазиль Искандер ихьӡ зху апремиа ранашьахоит А.П. Боголиубов ихьӡ зху Аҟазаратә библиотекаҟны ԥхынҷкәын 13 рзы, Москва.