АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 341-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 105-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара иалҵит 1932 шықәса рзы ииз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп 24-ҩык, ибжьаратәуп - 38-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 39-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 21-ы, урҭ рахьтә ҩыџьа иҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 65-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.