АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль ахор ахкынагӡаҩ Нурби Џьынџьал, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.
Нурби Џьынџьал 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахада иусԥҟала "Агәымшәаразы" амедал ианашьан.
Артист анышә дамардоит ԥхынҷкәын 5 рзы Ԥсырӡха ақыҭан.
Артист анышә дамардоит ԥхынҷкәын 5 рзы Ԥсырӡха ақыҭан.
Нурби Џьынџьал диит мшаԥы 22 1960 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. 1986 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә училишье "ахкынагӡара" азанааҭ ала. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҿы аус иуан 1981 шықәса инаркны. Ансамбль даланы Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Франциа гастрольла дцахьан.
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа Нурби Џьынџьал ахьӡ ихырҵеит 2009 шықәса рзы, Жәлар рартист ҳәа - 2016 шықәса рзы. 2020 шықәса цәыббрамза инаркны Акәашареи ашәаҳәареи жәлар рансамбль анапхгаҩыс даҭан.