Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Паӷәаа Баслахә иблыз аҩны иазкны

Баслахә ақыҭа ахада Даур Паӷәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭан иблыз еихагылак змоу аҩнаҿы аӡәгьы дышнымхоз.
Sputnik
Баслахә ақыҭаҿы абҵара 30 рзы еихагылак змаз ахатәы ҩны блит. Уи аҩнаҿы аӡәгьы дынхомызт, уи аԥшәма иԥсҭазаара далҵхьеит, иҭынхацәа аҩны иахӡам, ҳәа иҳәеит Паӷәаа арадиоефир аҿы.
"Амцарцәаратә машьына анааи аҩны ауадақәа зегьы амца ркхьан. Аԥшәма шықәсыкгьы ҵӡом даԥсыижьҭеи, ихшара аӡәы Урыстәыла дыҟоуп, егьи дахьыҟоу ҳаздырӡом. Ас еиԥш ахҭыс аныҟала, агәылацәа ҳрыдҵаалеит, ҳҭелқәа рзаанҳажьит, ӡәыр дыҟазар, иҳадҵааларцаз. Аспециалистцәа ишырҳәо ала, аҩны иаҿакны иаанханы иҟан маругак, убри ауп абылрагьы зыхҟьаз. Абылраан ааигәа-сигәа иҟаз аҩнқәа кьыс рмоуӡеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Паӷәаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.