"Ателеканал "9 Волна" аҿы ашықәсҿыцазтәи апрограмма иалахәхо ашәаҳәаҩ Сати Какәбааԥҳа лоуп. Ателеканали ҳареи шықәсык, ҩышықәса раҟара ҵуеит аус еицаҳуеижьҭеи. Аклипқәа иҭаҳхуа уахь ирышьҭларц сҭахын. Ус иагьыҟалеит. Ҩбаҟа клип убар улшон уаҟа. Уажәы Ашықәс ҿыц аламҭалаз апрограмма анеиҿыркаауаз ааԥхьара ҳарҭеит, иҳамҩатәны даҽа клипгьы рыдаагалеит. Аканал ахаҭабзиара ҳаракуп. Нхыҵ Кавказ зегьы ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа ықәгылоит, иабалак уахь иақәшәаӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Аԥсуа продиусер иазгәеиҭеит ателеканал 30 миллион иреиҵамкәа аудиториа шамоу.
"Сара хаҭала еснагь сазҿлымҳан, исҭахын уа ақәгылара, Аԥсны анҭыҵгьы ҳхы ааҳарԥшырц хықәкыс исыман", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.