Аԥсны

Тҟәарчал ашьхараҿы иӡыз ашәарыцаҩ иԥсыбаҩ рбеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аиқәырхаҩцәа Бето Кәакәасқьыр Тҟәарчал ишишьҭац ишьҭан абҵара 30 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. Аиқәырхаҩцәа ԥхынҷкәын 5 асааҭ 10:00 рзеиԥш ирбеит 32 шықәса зхыҵуаз Тҟәарчал ашьхараҿы иӡыз ашәарыцаҩ Бето Кәакәасқьыр иԥсыбаҩ, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Иԥсыбаҩ албаагаразы иҳалшо ҟаҳҵоит. Дахьырԥшааз аҭыԥ акыр иманшәалам, ашьха аҩхааҿы дышьҭан. Убри азы вертолиотла ҳхалароуп, амш иаҳнаҭар. Аҭыԥ ахь аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистргьы днеирц игәы иҭоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Тҟәарчал ашьхара иахьаҵанакуа аԥшаара-еиқәырхаратә операциа мҩаԥысуан абҵара 30 инаркны. Аԥшаарақәа ирылахәын аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.
Ашәарыцаҩ иԥсра зыхҟьаз макьана ирымҳәаӡацт.