Аԥсны

Тҟәарчалтәи аԥҳәыс лыԥсыбаҩ Аалӡга аӡиас аҿы ирбеит

Тҟәарчал араион Адәҳәыԥш аҳаблан инхоз аԥҳәыс абҵара 24 раахыс илышьҭан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Тҟәарчал араион Адәҳәыԥш аҳаблан инхоз Маииа Кокоева лыԥсыбаҩ рбеит Аалӡга аӡиас аҿы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Тҟәарчал амцацәыхьчара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа иҭахаз аԥҳәыс лыԥсыбаҩ аҭыгареи дахьынхоз аҭыԥ ахь анагареи азы аоперациа мҩаԥыргон.
Аԥсны
Тҟәарчал ашьхараҿы иӡыз ашәарыцаҩ иԥсыбаҩ рбеит
Азинхьчаҩцәа уи абҵара 24 раахыс илышьҭан. Макьаназы иҟоу аверсиала, Кокоева ахра даҿҟьан аӡиас далаҳаит.