Ҭырқәтәыла Ердоган дызлахәыз амитинг аан атеракт аԥдырҟәҟәааит

Ҭырқәтәыла Ердоган идгылаҩцәагьы иҿагылаҩцәагьы амитингқәа мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Иҷыдоу амаҵзурақәа атәыла ахада Таиип Ерлоган дызлахәыз амитинг ахьымҩаԥысыз ақалақь Сиирт аҿы иԥжәар зылшоз абомба еиҵырхит. Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аиашареи аҿиареи рзы анапхгара рпартиа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хамза Даг.
Иазгәаҭоуп, аԥжәага Мардин аус зуа аполициауаҩ иавтомашьына ишаҵаз. Аполициаа абомба рбеит амашьына ангәарҭоз, асапиорцәа уи аԥжәага еиҵырхит. Абомба ыҵазҵар зылшоз ахаҿқәа рыԥшаара иаҿуп.
Уаанӡа атәыла аладатәи ахәҭаҿы иҟоу Мерсин ақалақь аҿы зықьҩыла ауааԥсыра аҿагыларатә акциақәа рахь ицәырҵит ахада имаҵура аанижьразы адҵа ҟаҵо, уи мзызс иаман амилаҭтә валиута акурс ӷәӷәала иахькаҳаз.
Ердоган иакәзар, Сиирт ақалақь аҿы данықәгылоз иҳәеит иара идгыларазы амитинг ахь еиҳа ауаа рацәаны ишнеиз аоппозициаа рмитинг ахь аасҭа. Иара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амилаҭтә економика агәра ргарц, иагьақәиргәыӷит аҭагылазаашьа шҭышәынтәалахо. Ахада иажәақәа рыла, ахәқәа иахьрыцлаз зыхҟьаз адунеитә џьармыкьақәа рҿы аӡа ахә ахьыҳаракхаз шакәу.
Аҭырқәа валиута ашықәс иаалагазар ахә иагхеит 7,4 лира долларк азы — 13,9 рҟынӡа. Абҵара 23 рзы уахыки-ҽнаки рыла иара 16 процент рыла икаҳаит, уи аҵыхәтәантәи 20 шықәса ирылагӡаны иреиҳаӡоу рбагахеит.