Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр Ашәарҭадаратә хеилак аизараҟны аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу иҳәеит

Аԥсны аепидемологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроуи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу аҟәшақәа русура аиӷьтәразы иҟаҵатәу азҵаарақәеи ртәы далацәажәеит Ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҟны ашәахьа ԥхынҷкәын 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит, иҳәеит аҿкы шеиқәымтәац, уахыки-ҽнаки ачымазара здырбало рхыԥхьаӡара шыҟац иаанхоит, зыԥсҭазаара иалҵуагьы рацәоуп. Абри атәы аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны
Делба 2021 шықәсазы Аԥсны COVID аԥырҟәҟәаразы аԥара инырххьоу атәы иҳәеит
Иара убас иазгәеиҭеит аковид-медусҳәарҭақәа рахь есҽны ачымазцәа шнарго, аҿкы уадаҩны ишымҩаԥысуа.
Ауаажәлар рыбжьара алаҵаҟаҵара еиҵахеит, иҳәеит Быҭәба.
"Иааидкыланы Аԥсны алаҵа ҟарҵахьеит 12 887-ҩык", - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Быҭәба иажәақәа рыла, атәыла амедусҳәарҭақәа зегьы еиқәшәоуп иаҭаху ахәшәқәеи, ахыхьчагатә маҭәахәқәеи рыла. Иара убри аан акоронавирус ахәшәтәразы зыхә цәгьоу ахәшәқәа "Актемра", "Артлегиа" рзымхара ыҟоуп.
Аԥсны
Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа хәшәла реиқәыршәаразы
Ԥхынҷкәын 4 рзы иҟоу адыррақәа рыла, аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35407-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28822-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 531-ҩык.