Аԥсны

Аԥсны ААР аҿы аколлектив иддырдырит аминистр ихаҭыԥуаҩи ауаажәларратә шәарҭадара аиҳаби

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аусбарҭа аиҳабыра, аппарат хада аҟәшақәа реиҳабацәа, ақалақьтәи араионтәи усбарҭақәа реиҳабацәа реилацәажәара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны ААР аҿы аколлектив иддырдырит аминистр ихаҭыԥуаҩ Зураби Занҭариеи ауаажәларратә шәарҭадара аиҳабы Дмитри Қәычбериеи ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ажьиба агәыӷра ааирԥшит аколлектив ԥхьаҟа ҳәоуеиқәшәала аус рулап ҳәа.
Аилацәажәараҿы ирзааҭгылан амаҵзуратә леишәеи апрофессионалтә ҩаӡара ашьҭыхреи рызҵаарақәа.
Занҭариеи Қәычбериеи Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала рмаҵзурақәа ирыҭан.
Зураби Занҭариа уаанӡа Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дыҟан. Ахада идҵала ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Дмитри Дбар.
Аԥсны
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ даҭоуп