АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 687-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 149-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ариабжьарак Аԥсны акоронавирус злаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит: Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 69 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 1981 шықәса рзы ииз аԥҳәыс.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 73-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 48-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 10-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 49-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.