Аԥсны

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц даҭоуп

2020 шықәса мшаԥымза инаркны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан Дмитри Дбар.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәын 6 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс Вальтер Быҭәба иҟаҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бутба Вальтер
Уаанӡа ԥхынҷкәын 2 рзы Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабыс дҟаиҵеит.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа аамҭала рынагӡара инапы ианиҵеит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Руслан Ажьиба.
Аԥсны
Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп
Вальтер Быҭәба диит нанҳәа 13 1975 шықәса рзы Очамчыра.
1992 - 1996 шықәсқәа рзы - Дзержински ихьӡ зху Абираҟ ҟаԥшь занашьоу Саратовтәи иреиҳаӡоу арратә дҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа. 1998 шықәса рзы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "азиндырра" азанааҭ. 2020 шықәса рзы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҿы иҟоу Жәлар рынхамҩа Урыстәылатәи Академиеи Аҳәынҭқарратә маҵзуреи "Аҳәынҭқарратәи Амуниципалтәи напхгара" азанааҭ ала.
1996 - 2000 шықәсқәа рзы аус иуан Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа рҿы.
2001 шықәса рзы Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы амаҵура далалеит, аус иуан еиҿкаау аекономикатә цәгьоурақәеи аҵарҭышагареи рҿагыларазы аусбарҭаҿы.
2014 - 2016 шықәсқәа рзы - Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
2016 шықәса инаркны - еиҿкаау аекономикатә цәгьоурақәеи аҵарҭышагареи рҿагыларазы аусбарҭа аиҳабыс аус иуан акционертә еилазаара дуқәа рҿы.
Урыстәыла ахада иусԥҟала "Ауаажәларратә зинеиҿкаара ахьчаразы аҽалкааразы" амедал ианашьоуп.