Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи Москватәи амашьына-техникатә университети абитуриентцәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит аицлабра рхы аладырхәырц. Уи алҵшәакәа рыла иалыршахоит Москва ауниверситет аҭалара.
"Ҩышықәсоуп аус еицыруеижьҭеи Москватәи амашьына-техникатә университети Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрреи. Ҩынтәны аԥсуа абитуриентцәа ирымоуп алшара уахь аҭалара. Ҵыԥх 15-ҩык инареиҳаны иҭалеит. Уажәы имҩаԥысуа аицлабраҿы зхы бзианы иаазырԥшыз ауниверситет иахыԥхьаӡалахоит ԥышәарада. Уа аҵара зҵо астудентцәа иазгәарҭоит иалырхыз азанааҭ ала аҵараҵара ишахьымхәыз. Зхы бзианы иаазырԥшуа астипендиа рзыршәоит, уи 15 000 мааҭ инареиҳауп, иара убас азеиԥштә нхарҭатә ҭыԥ аҿы анхаразы азин рымоуп. Урыстәыла ахԥатәи акурс нахыс апрактика ҳасабала аусура уалагоит, убас еиԥш астудент иԥсҭазаара аинтерес аманы имҩасыртә еиԥш алшарақәа рзаԥнаҵоит Москватәи амашьына-техникатә университет ", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.