Ермантәыла "Спутник Лайт" аџьармыкьахь ацәыргара иазыхиоуп

Ермантәыла алаҵа "Спутник Лайт" аҭыжьра иалагеит цәыббрамзазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Ермантәыла иҭрыжьуа акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" аџьармыкьахь ацәыргара иазыхиоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости ареспублика аекономика аминистр Ваан Керобиан иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"Ермантәыла ирхиоуп агәаҭарақәа зегьы ирхыжьу алаҵа ("Спутник Лайт" - аред), уи аџьармыкьахь анагара иазыхиоуп", - иҳәеит Керобиан.
Керобиан иара убасгьы иҳәеит Ермантәыла Мрагылара ааигәатәи атәылақәа ишрацәажәо Ермантәыла иҭрыжьуа акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵа "Спутник Лайт" аекспорт азы.
Аинвестициақәа урыстәылатәи Рфонд (РФПИ) адиректор Владимир Примак уаанӡа иҳәахьан ари алаҵа ауааԥсыра рхы иадырхәар алшоит уи ахаҭабзиара агәаҭара ашьҭахь ҳәа.
"Спутник Лайт" шәарҭадоуп, хра амоуп. Аҳәаанырцәтә тәылақәа жәпакы рҿы ахархәара амоуп. Уажәы иара амацара адагьы егьырҭ алаҵақәеи иареи аамҭакала реицрылаҵаразы алшарақәа ҭырҵаауеит.