Арадио

Ҷолокәуа: даара исықәҿиеит Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы аҵара ахьысҵоз

Аҟәатәи алицеи-интернат аартын ԥхынҷкәынмза 6, 1960 шықәсазы. Уа аҵара зҵоз Аԥсуа театр аиҳабы Алхас Ҷолокәуа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит аинтернат аҿы иҵарашықәсқәа, иҳәеит избан уи насыԥны изиԥхьаӡо атәы.
Sputnik
"Даара аԥхарра аҵаны исгәалашәоит аинтернат аҿы аҵара анысҵоз ашықәсқәа. Исықәҿиеит ҳәа исыԥхьаӡоит уаҟа аҵара ахьысҵоз. Амала, аԥхьа сҭаацәа уахь саннарга, ус сгәы иаанагомызт. Аинтернат ахь сцоит ҳәа ансарҳәа, акыр сҵәыуон, аха мызкала сашьцылеит. Еиҳарак уахь сзырышьҭызгьы, аурсышәа бзиан иҵап ҳәа ауп. Усҟан "иди сюда" ада акгьы сыздырӡомызт. Иахьа издыруа аурысшәа усҟан шықәсыбжак ала исҵаз ауп. Усҟантәи аамҭаз уа зегь рыла ҳманшәалан, ҳафатә-ҳажәтә акгьы агмызт, маҭәалагьы изҭахыз рзы ҳаибырҭон. Уи аамҭаз фымш аҵара ҳҵон. Аҵара шысҵоз ауп Аԥсны ашколқәа зегьы хәымш ахь ианиагаз, аха ҳара фымш аҵара шаҳҵац иаҳҵон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷолокәуа.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.