АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Роспотребнадзор ишьақәнарӷәӷәеит акоронавирус омикрон-штамм ҩыџьа ишрыдырбалаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Аҳаирбаӷәазаҿы ПЦР-тест ззыҟаҵаз рахьтә ҩыџьа ргеном шьаҭанкыла асеквенациа аназыҟарҵа ашьҭахь ишьақәырӷәӷәахеит аштамм "омикрон" шрымоу. Анализ гәанаҭон Роспотребнадзор иатәу Аепидемиологиаҭҵааратә центр", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уаанӡа адырра ҟаҵан Аладатәи Африкатәи Ареспубликантәи Урыстәылаҟа иааз апассаџьырцәа рахьтә жәаҩык акоронавирус шрыдырбалаз, авирус авариантқәа рыҭҵаара ишаҿу.
Ԥхынҷкәын 2 рзы Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Попова аҳәамҭа ҟалҵеит Аладатәи Африкатәи Ареспубликеи уи агәыларатә ҳәынҭқаррақәеи рахьтә иаауа апассаџьырцәа ҩымчыбжьа акарантин аҿы иҟазароуп ҳәа.
Ааигәа Ботсванеи Аладатәи Африкатәи Ареспубликеи рҿы акоронавирус аштамм ҿыц B.1.1.529 цәырҵит. Иара 32 еиҭакра амоуп S-хӡы аҿы. Агеном SARS-CoV-2 аҿы аҽеиҭакра ари авариант атәымцәеижьҿагылақәа ирнышәоит ҳәа ргәы иаанагоит аҵарауаа.
Аҳәаанырцәтәи АИХқәа ишырыҩуа ала, атәылаҿы шәҩык рҟынӡа ари аштамм рымоуп. Иҟоуп изыдбалоу Гонконг, Израиль, Бельгиа, Чехиа, Германиа, Британиа Ду, Италиа, Австралиа, Нидерланды, Австриа.
Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара имҩаԥнагаз аилатәараҿы иазгәанаҭеит B.1.1.529 шәарҭоуп ҳәа. Уи иарҭеит абырзен алфавит 15-тәи анбан ахьӡ "омикрон". Ари аштамм рыхьыр ауеит уаанӡа изхыхгахьазгьы алаҵа ҟазҵахьазгьы. Агәаанагара ыҟоуп уи зиммунитет лаҟәу СПИД зцәа иалоу ауаҩы ицәеижь аҿы ицәырҵит ҳәа.