Аԥсны

Урыстәылатәи аҟазауаа 2035 шықәсанӡа Аԥснытәи аихамҩақәа рыҿиара апрограмма аус адырулоит

Анаплакы "Аԥснытәи аихамҩақәа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа абҵара 15-30 рзы Урыстәыла дахьынӡаҟаз аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аимператор Александр I ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи аимадаратә ҳәынҭуниверситет аҟазауаа 2035 шықәсанӡа Аԥснытәи аихамҩақәа рыҿиара апрограмма аус адырулоит. Абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит анаплакы "Аԥснытәи аихамҩақәа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.

"Арахь иаараны иҟоуп аҟазауаа. Урҭ иҭырҵаауеит аихамҩа атуннельқәа, ацҳақәа рҭагылазаашьа. Урҭ рремонти рреконструкциеи рзы абжьгарақәа аус рыдыруылоит" ҳәа иҳәеит иара.

Санкт-Петербург Ҷыҭанаа диԥылеит акционертә еилазаара "ЛенГипрострой" адиректор хада Алексеи Драпезо. Дара алацәажәеит аихамҩа аенергетикатә нхашәа амодернизациа, аҟазауаа астанциа маҷқәа рҭагылазаашьа аҭҵааразы арахь раара.
Ҷыҭанаа Москва дахьынӡаҟаз Урыстәылатәи аихамҩақәа (РЖД) рнапхгарагьы дырԥылеит. Аганқәа алацәажәеит Аԥсныҟа амагистралтә електровози атепловози раашьҭра азҵаара.
Урыстәылатәи аихамҩақәа Очамчыратәи абаӷәазахь аидарамҩангагақәа рынашьҭра рыгәҭакуп
"Аԥснытәи аихамҩа ахархәара рнаҭоит аелектровозқәа ВЛ-8. Дара акыр иажәхьеит. 50 шықәса рхыҵуеит. Амашьына ҿыцқәа иааиуа 10 шықәса проблемада аус рулоит. Хара имгакәа ҳделегациа Урыстәылаҟа ицоит арҭ амашьынақәа раагарази адокументқәа анапы рыҵаҩрази", - ҳәа иҳәеит иара.
"Аԥсны аихамҩақәеи" жәларбжьаратәи аконтеинертә оператор "РЖД Бизнес Активи" аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аидарақәа аконтеинерқәа рыла имҩаныргалоит.
Ҷыҭанаа иҳәеит аныҟәарақәа ҩ-хырхарҭакны ишыҟало: актәи – аконтеинертә дәыӷба Аҟәа-Москва ала Аԥсны иаадрыхуа аалыҵ мҩаԥнагалоит.
Аҳәаанырцәынтә: Аԥсныҟа атауарқәа шаарго
Аҩбатәи – абаӷәаза "Очамчыра" аҟынтә контеинерла аидара амҩаԥгара. "РЖД Бизнес Актив" Китаинтәи транзитла абаӷәаза "Очамчыра" аҟынтә Европаҟа атауар амҩангарагьы азԥхьагәанаҭоит.
"Ари зегьы аусура иалагарц азы аџьабаа батәуп, ашәарҭадара еиҿкаатәуп, амаругақәа аахәатәуп. Аҳазалхра, аҳәынҭстандарт, аҳәаахьчаҩцәа, акарантинтә маҵзура ҳара ҳусура еишьашәаланы иҟалароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
"Аԥсныпресс" аинтервиу аҭо, Ҷыҭанаа 2021 шықәсазтәи аусбарҭа аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла, ажьырныҳәаахыс алагалақәа 134 миллион мааҭ инаӡеит. Ари 50 миллион рыла еиҳауп 2019 шықәсазы аасҭа.