Ҟәланырхәа ақыҭанхацәа Григори Ақаҩбеи Шьана Гәынԥҳаи егьырҭ аԥсуа ҭаацәарақәа реиԥш рынхамҩа аныҟәгареи аколнхараҿы аусуреи еиларгӡон. Дара ирааӡоз ԥшьҩык аҷкәынцәа махәҿыла акрыруртә еиԥш ианыҟала, рани раби ирывагыланы аҳәынҭқарратә дгьылқәа ирықәаарыхуан.
"Ашьыжь асааҭ фба рзы ҳгыланы, ҳҭаацәа ҳрыцны аџьықәреи, аҟәыд, аҭаҭын уҳәа алаҵареи, аиҭаҳареи аҽаҩра аныҟалалак, аҭагалареи уҳәа ҳцон. Аус уны, шьыжьхьа ыфаны ашкол иҭаз аурокқәа ҳҽырхьаҳгӡон, аҩны ҳанааилакгьы ирлас аҩныҟатәи адҵақәа нагӡаны ҩаԥхьа амхахьы ҳдәықәлон. Иааҳрыхуаз абжеиҳан аҳәынҭқарра иаҳҭон. Ажәакала иџьабаџьафаны иааӡоу ҳауп", - иҳәоит Ақаҩба ихәыҷра далацәажәо.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
Уасил Ҟәланырхәатәи ашкол данҭаз Анатоли Аргәын напхгара зиҭоз ахаԥшьгаратә коллектив далан. Арԥыс ашәаҳәареи акәашареи дрызҟазан. Гәдоуҭа араионтә коллективқәа рыбжьара егьараан актәи аҭыԥқәа ганы Аҟәа иқәгылахьан. Аа-класск рышьҭахь, Уасил дҭалоит Анатоли Қаԥшь дызхагылаз Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа, аоркестртә ҟәша. Иара курск аҿы аҵара ицырҵон иахьа Аԥсны еицырдыруа акультура аусзуҩцәа Сира Аҩӡԥҳаи Роза Чамагәуаԥҳаи.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
"Усҟантәи аамҭазы Едуард Бебиа аҵара ду ҵаны Аԥсныҟа дааит. Аҵаралашаратә ҵараиурҭа ашьаҭала аҿартә ансамбль "Шьараҭын" аиҿкаара далагеит. Саргьы акәашара бзиа избон, насгьы исықәманшәалахон азы аколлектив салалеит. "Шьараҭын" ансамбль аҳасабала раԥхьаӡакәны Тҟәарчал акультура ахан аартра аҽны иқәгылеит. Уи аԥхьаҟа ҩышықәса аҽазыҟаҵара ҳаҿын. Ҳарҵаҩ ду "алыхәҭа" ҳкылхны ауп асценахь ҳашцәыригаз", - игәалашәоит Уасил Ақаҩба.
"Шьараҭынаа" Тҟәарчалтәи рықәгылара ашьҭахь рыхьӡ Аԥсны иахаҵәеит, анаҩс аҳәаанхыҵ еицырдыруа иҟалеит.
1970 шықәсазы Уасил Ақаҩба аррамаҵурахьы иԥхьеит, иуалԥшьақәа наигӡон Венгриа. Аруаҩ илаз аҟыбаҩ ҷыда анырба, иеиҳабацәа Естергом ақалақь аҟны, "Аладатәи ар ргәыԥ" ҳәа иаԥҵаз ансамбль далаларц азин ирҭеит. Уасил аколлектив данрышьцыла, аԥсуа кәашара ықәиргылеит. Ари ансамбль дацны Европа атәылақәа жәпакы дырҭаауеит.
Арра ашьҭахь, Уасил Ақаҩба "Шьараҭын" ахь дхынҳәит. Ҩышықәса ааҵуаны Абӷархықә акультура аҩны аиҳабы Лиосик Аҟалӷьба ахәыҷтәы ансамбль аиҿкааразы ааԥхьара ииҭеит.
"Ахормеистер Едик Гәынбеи сареи Абӷархықә ахәыҷтәы ансамбль анышьақәгыла, акраамҭа аколнхарақәа ҳарҭааны аказармақәа рҿы аҭаҭын зрыԥхуаз ҳрылатәаны ҳшәаҳәон ҳкәашон. Усҟантәи аамҭазы уи дҵак аҳасабала аколлективқәа зегьы ықәныҟәон. Аҟазара ауаа еизааигәанатәуан, рааԥсара рханаршҭуан", - иҳәоит Уасил Григори-иԥа.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
Абӷархықәынтәи Уасил Ақаҩба диасит Гәдоуҭаҟа, аусура далагеит акультуреи аԥсшьареи рпарк ашьаҭала иаԥҵаз зҽаԥсазтәыз жәлар ринструментқәа рансамбль аҿы хореографс, хаҭалагьы ахкы назыгӡоз дреиуан. Анаҩс Гәдоуҭатәи акультура аҩнаҟны ахәыҷтәы акәашаратә коллектив еиҿикааит. Уи ашьҭахь напхгара аиҭо далагеит еиҭаҵуа аклуб.
Уасил Ақаҩба Гәдоуҭа дшыҟаз, уи аамҭазы Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут аҿы аҵара зҵоз Лев Қьецба диабадырит. Аҩыза ҿыц иаԥшьаигеит иаргьы ари аҵараиурҭа дҭаларц.
"Челиабинскҟа аҵараҵара санца, ақалақьтә культура ахан аҟны акәашаратә ансамбль "Кавказ" еиҿыскаарц анапынҵа сырҭеит. Ашьҭахь "Уральские зори" захьӡыз ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс сиаргеит. Сара сзы даара акрызҵазкуа хҭысуп уи сахагыланаҵы аколлектив Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы ахьаиуз", - ҳәа азгәеиҭоит иара.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
Уасил Ақаҩба 1979 шықәсазы Челиабинск имҩаԥысуаз СССР аспартакиада аартра знапы ианыз арежиссиорцәа дреиуан. Иааԥсарақәа рзы изныкымкәа ҳамҭала далкаан.
1980 шықәсазы, Уасил Григори-иԥа Аԥсныҟа дааны "Шьараҭын" ахь деиҭахынҳәит. Устәи Пицундаҟа ааԥхьара иоуит. Аусура далагеит акурорттә еилазаара акультура аҩнаҟны асахьаркыратә напхгаҩыс. Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа иаԥҵаны имаз ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль "Аурашьа" аҿы хореографсгьы даарыԥхьеит. Уи инаваргыланы Уасил Ақаҩба ишьақәиргылеит ахәыҷҭәы ансамбль "Аламыс".
"Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуааи ҳареи аимадара анҳабжьала, Пицундаҟа ҳашьцәа рхәыҷқәа ааԥхьара раҳҭеит. Ансамбль "Аламыс" акәашацәеи дареи агәыбылра рыбжьалап ҳәа доусы рыҩнқәа рахь еихшаны иаҳшьҭит. 1989 шықәсазы ҳара ҳрызцеит. Адаԥазар ақалақь афестиваль ду еиҿаҳкааит. Жәла-жәлала аԥсуа хылҵшьҭрақәа неит. Ҳақәгыларақәа напеинҟьаралеи лаӷырӡылеи ирыдыркылеит. Усҟан Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳџьынџьуаа еиқәырханы ирымоу "аӷәы лаба" асра иазкны аҭҵаарақәа мҩаԥаагеит, Оҭар - амузыка аганахьала, сара - акәашара аелементқәа рзы. Аҩныҟа ҳанаа, ҳколлектив иалаҳгалеит ари амузыкатә композициа", - иҳәоит акультура аусзуҩ.
Уасил Ақаҩба дреиуан Аԥсни Нхыҵ-Кавкази рыбжьара аимадара зырӷәӷәоз. Пицундаҟа иаахьан Ҟабарда-Балкариатәи ахәыҷтәы ансамбльгьы. Анаҩс аҩколлективк еиҭанеиааиуа иалагеит.
Ансамбль "Аламыс" Аԥсни, Урыстәылеи, Европа ақалақьқәа жәпаки рҿы агастрольқәа рыманы иқәгылахьан.
Уасил Ақаҩба аамҭак ашьҭахь, 28-ҩык рыла ишьақәгылаз Қаҩаа рансамбль дахагылоит. Уи аиҿкаараҿы иџьабаа рацәоуп еицырдыруаз ашәаҳәаҩ Жьужьа Ақаҩбагьы.
Ҩышықәса раԥхьа Уасил Григори-иԥа аҵара ицызҵоз Галина Арсалиаԥҳа лабжьгарала Бзыԥҭа 17-ҩык абыргцәа злахәу ашәаҳәаратәи акәашаратәи ансамбль аԥиҵоит. Уи алахәылацәа аиҳарак Гәдоуҭа араион ахаҭарнакцәа роуп.
Уасил Ақаҩба актиорк иаҳасабалагьы ихы ԥишәахьеит. Аԥсуа театр аҟны арольқәа наигӡахьеит, убас, ихадоу ароль иман аурыс режиссиор Александр Пиатков Пицунда иҭихуаз акомедиатә фильм Парамарибо аҟны.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан хамеигӡарыла Уасил Ақаҩба иԥсадгьыл ихьчон. Гагра араион ахақәиҭтәраан ахәрагьы иоуит. Атәыла аӷа даналцахагьы, аибашьра аветеран аҳәынҭқарра аҳәаа ахьчаразы имҩаԥгаз аоперациақәа жәпакы дрылахәын.
"Аибашьра анцоз аҿаҭахьа сықәысҵеит Галнӡа снаӡар Егры аӡиас сышӡаагыло ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит. Иара убри агәазыҳәара акәзаргьы ҟалап амч сызҭаз", - еиҭеиҳәоит аветеран.
Уасил Ақаҩба Гагра араионтә еизара адепутатс дыҟан, акультуреи анаукеи рзы акомиссиа деиҳабын.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа
Уасил Ақаҩба динасыԥхеит Челиабинск напхгара зиҭоз ансамбль "Кавказ" аҟны ахкы назыгӡоз Галина Михаил-иԥҳа Карпова. Дара хҩык аԥацәа рааӡеит. Иахьа ирызҳауеит ԥшьҩык рмаҭацәа.
Уасил Григори-иԥа Ақаҩба Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп. 2012 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультуреи анаукеи рырҿиаразы М. Ломоносов ихьӡ зху апремиа далауреатхеит. Ари аҳамҭа Пицунда дааны инапаҿы ииҭеит Урыстәыла Жәлар рартист Бедрос Киркоров.
Уасил Ақаҩба
© Foto / иаҳзаалҭит Саида Жьиԥҳа