Аԥсны

"Аӡыканал" аҟны ирҳәеит Аҟәа аӡы аҟамзаара зыхҟьаз атәы

Ԥхынҷкәын 7 шьыжьаахыс ӡыда иҟоуп Аҳабла ҿыц, Турбаза, Ажәытә ҳабла, Ҷанба, ақалақь агәҭа ауааԥсыра.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik. Аҟәа ауааԥсыра ӡыда иҟоуп аӡыҭгагатә станциақәа рҿы алашара амчхара ахьылаҟәу азы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
Аҩӡба агәыӷра ааирԥшит, ԥхынҷкәын 7 ахәылбыҽха ауааԥсыра аӡы рыҭахап ҳәа.
Аҟәатәи "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб иажәақәа рыла, аӡыҭгагақәа афымцамч рызхаӡом, уи иахҟьаны астанциақәа рҟны аӡыҭгагақәа рхала иаҿыҵуеит, русура еиԥҟьоит.
Анқәаб иҳәеит ари апроблема ишалацәажәаз "Амшынеиқәафымцамч" аҟны, аха азҵаара аӡбра уадаҩуп.
Ԥхынҷкәын 2 рзыӡыда иҟан Басариа, Леон, Џьонуа, Гәлиа, Воронова уҳәа ақалақь амҩадуқәа рҿы.
Арадио
Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәаразы иҟоу ауадаҩра аԥыхразы иҟарҵо атәы