Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабуа ақәыргыламҭа "Саҳра шәара ишәымаз шьҭа" иазкны

Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аспекталь ҿыц азырхиара иаҿуп. Уи ақәыргылаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтзыз артист Роман Сабуа арадио Spitnik иазеиҭеиҳәеит уи аҽазыҟаҵарақәа шцо, насгьы ахәаԥшцәа ирбартә ианыҟало.
Sputnik
"Ԥхынҷкәын 17 рзы апремиера ҳасабала иҭҳажьырц ҳгәы иҭоуп ақәыргыламҭа ҿыц. Иара "Саҳра шәара ишәымаз шьҭа" ҳәа ахьӡуп. Ианакәзаалак иҟан апроблема аиҳабыреи ажәлари рыбжьара, аилибамкаарақәа, азакәандарақәа. Ари иахьатәи ҳаиҳабыра хықәкыла ирызкым, ари атема еснагь аԥсҭазаара иацуп. Алакә форма амоуп ақәыргыламҭа. Ажәытәан иҟан ақьачақьцәа ҳәа жәлар реизарақәа рҿы ауаа зырлахҿыхуаз, ус еиԥш аҿаԥыц зҿаз. Убас афольклортә форма азыԥшааны ақәыргыламҭа ахәаԥшцәа ирыдгалахоит. Ажәлар ражәа аҵыхәтәаны илҵуазароуп иарбан зҵааразаалакгьы ицәырҵуа аҟны. Ажәлар рҭахраҿы икылыргозар ауп аиҳабырагьы уи азҵаара аҭак", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сабуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.