Аԥсны

Гәдоуҭа ҩымш ӡыда иаанхоит аремонттә усурақәа ирыхҟьаны

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ҩымш ӡыда иаанхоит аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит гәдоуҭатәи "Аӡыканал" аиҳабы Оҭар Леиба.
Аҩаша асааҭ 11:00 инаркны ахаша ауыханӡа аӡы аанкылахоит.
Ааԥсҭа аӡиас аҟынтә Аацыҟа аӡы назго аӡыршәырқәа рыԥсахуеит.Абҵарамза анҵәамҭазы Аацынтә Гәдоуҭаҟа инеиуаз аӡымҩангагатә цәаҳәа ахьыԥхасҭахаз иахҟьаны ауааԥсыра аӡы роуан ахыкәшаратә цәаҳәақәа рыла.