"Драндатәи ауахәаматә школ аҭоурых алагоит Аԥсны жәлар аҵарадырра рыларҵәара аамҭа анцоз инаркны. Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы иаартын ус еиԥш иҟаз ауахәамақәа рацәаны. 1886 шықәса рзы Драндатәи ауахәаматә школ аҿы иҟан 4-ҩык аҵаҩцәа. Иара убри ауахәамаҿы аҵара иҵон ашәҟәыҩҩы Самсон Ҷанба. Аҩажәатәи ашәышықәсқәа рзы Драндатәи ауахәама Аԥсны зегьы иаарылаҳәҳәо иҟан, иазааигәаз ақыҭақәа рҟынтә уахь аҵарахьы ирышьҭуан. Уаҟа аҵара зҵоз рҟынтә иҟан Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәызгьы, иара убас зыԥсы ҭаны аибашьра аҟнытә ихынҳәыз рҵаҩыс аусура иалагазгьы рацәоуп. 1972 шықәса инаркны иахьа игылоу ашкол ахь ииаргеит", - еиҭалҳәеит Ҭаниаԥҳа.