Владимир Путини Џьо Баидени авидеоеимадарала еицәажәеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Владимир Путини Џьо Баидени реицәажәара хыркәшоуп, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рхадацәа реицәажәара ҩ-сааҭк ицон.
Аиҿцәажәарақәа мҩаԥган ихьчоу авидеоеимадарала. Ажурналистцәа идырбан аиҿцәажәара раԥхьатәи акадрқәа, анаҩс аиқәшәара иаркыз аформат ала имҩаԥган.
Уи аԥхьа Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәахьан, ахадацәа реицәажәараан еиуеиԥшым азҵаарақәа шышьҭхо.
Путини Баидени ҩынтә еиқәшәахьеит. Раԥхьатәи реиҿцәажәара лабҿаба имҩаԥысит 2021 шықәса рашәарамзазы Женева.