Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ихысыз иҩнытә баандаҩра еиҭаркыр ҟалоит

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа актәи аинстанциа иаҵанакуа аӡбарҭахь инанашьҭит "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ихысыз иганахь ала аԥырҟәҟәага аиҭахәаԥшразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ихысыз Алхас Хәарцкьиа изалхыз аԥырҟәҟәаага - аҩнытә баандаҩра еиҭаркит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба иашам ҳәа иԥхьаӡаны. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит адукат Инга Габилаиаԥҳа.
"Аӡбарҭахь азҵаара аиҭахәаԥшразы инаҳашьҭит. Иахьазы, аматериалқәа аӡбарҭахь инеиаанӡа исыхьчо ахаҿы аԥырҟәҟәаага зынӡа даҵанакӡом". - ҳәа лҳәеит лара.
Абҵара 29 азы "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа ихысуаз Алхас Хәарцкьиа иганахь ала аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иаднакылеит аԥырҟәҟәаага – 28 мшы аҩнытә баандаҩра.
Аусеиларгара адыррақәа рыла, абҵара 25 ауха 22:50 рзеиԥшшәа Хәарцкиа Аҟәа Гәымсҭатәи амҩаду ала иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аганахь ала аантәы дхысит. Иара убас, бжьынтә дхысит иаанкылараан, уи анаҩс амилициа аузуцәа иабџьар имырхит.