Аԥсны

Аԥсны аҳәынҭқарратә АИХқәа хԥа аилахәыра "Аԥснымедиа" ҳәа еидырҵеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Ареспубликатә газеҭқәа "Аԥсны", "Республика Абхазия", иара убас аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" ареспубликатә ҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥснымедиа" ҳәа еидырҵеит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
"Аԥснымедиа" аиҳабыс даҭоуп ажурналист, Sputnik аусзуҩ Роберт Џьопуа. Иахьа иара аҳәынҭқарратә газеҭқәа ҩбеи аинформациатә маҵзуреи рколлективқәа дыддырдырит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра Раппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниа еиҭеиҳәеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аминистрцәа Реилазаара ишаӡбаз ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа "Аԥснымедиа" аԥҵатәуп ҳәа.
"Ҳара еилаҳкаауан аҳәынҭқарратә газеҭқәа рҭыжьра аус ҽакала азнеира шаҭахыз, урҭ еиҳа ауаа рылаҿ иааиуа, иазҿлымҳахарц аҟаҵаразы шьаҿақәас инагӡатәу ҳрылацәажәон. Аха еснагь иаҳԥылоз уадаҩрак акәын - урҭ зегьы рыстатусқәа еиԥшуп, аха рфинанстә ҭагылазаашьақәа еиԥшым, еишьашәалом", - иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара иҳәынҭқарратәым АИХқәа рзы аԥаразоужьра шьақәнырӷәӷәеит
Иара иазгәеиҭеит агазеҭқәа русушьа иахьатәи аамҭа ишақәыршәатәу, урҭ рхаҿра аԥсахра инаркны, аԥхьаҩцәа рхыԥхьаӡара ацҵараҟынӡа аус шутәу. Аха абарҭқәа зегьы рынагӡара аредакциақәа ирымоу аматериал-техникатә ҭагылазаашьа иалнаршом.
"Убри азы ҳара еицҿакны иҳаӡбеит аҳәынҭқарратә редакциақәа ирымоу рмазара еидҵаны "Аԥснымедиа" ҳәа аусура аларгара. Уи анапы ианылоит афинанстәи атехникатәи зҵаарақәа рыӡбара. Абри аҩыза аҭагылазаашьаан аколлективқәа рыхԥагьы алшара роуеит дара рнапы ианыҵәҟьоу аус - ажурналистика рхы азышьҭны азааԥсара", - иҳәеит иара.
Бжьаниа иажәақәа рыла, "Аԥснымедиа" ахыбра ҿыц азалырхуеит ақалақь агәаны: Аиааира апроспект аҿы игылоу ԥыхьатәи ателефонтә станциа ахыбраҿы, аофис ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла еиқәыршәазаауеит. Аредакциақәа рыдагьы, уахь ииаргоит атипографиа.
Sputnik Аԥсны 7.0: арбагақәа
"Аԥснымедиа" аиҳабы Роберт Џьопуа иазгәеиҭеит аҩгазеҭкгьы амаҵзурагьы иахьатәи аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо аус руларазы илшо зегьы шыҟаиҵо.
"Ҳазҭагылоу аамҭазы агазеҭқәа ирцәыуадаҩуп аинформациа адунеи аҿы аелектронтә массатә хархәагақәа рыхьӡара, аха уи алыршаразы иҟоу ауадаҩрақәа ириааитәуп. Агәыӷра ҳамоуп ҳагәҭакқәа зегьы рынагӡараҿы, ҳауадаҩрақәа рыӡбараҿы аҳәынҭқарра ҳавагылап ҳәа ", - иҳәеит Џьопуа.
Анаҩс аиԥылара иалахәыз зегьы аилахәыра ҿыц ахықәкқәеи, уи арҿиаразы шьаҿақәас инагӡатәуи, иара убас аштаттә еихшанҵеи, ауалафахәқәа рышьҭыхреи уҳәа егьырҭ аиҿкааратә зҵаарақәеи ирылацәажәеит.