Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ԥхынҷкәын азы атәылауаа рыдкылара аамҭеихшара архиеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша ԥхынҷкәыни ажьырныҳәеи рзы атәылауаа рыдкылара аамҭеихшара архиеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ԥхынҷкәын азы аҭааҩцәа анрыдыркыло аамҭеихшара рыланаҳәеит.
Ԥхынҷкәын 8 инаркны атәылауаҩра азҵаарақәа рзы адкылара мҩаԥысуеит ашәахьа-ахәаша, асааҭ 9:00 - 16:00 рзы, аԥсшьараамҭа: 13:00 - 14:00.
Ԥхынҷкәын 27, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәа 9, 2022 шықәсанӡа аконсултә зҵаарақәа рзы ауаа рыдкылара аамҭала иааныркылоит.