Аԥсны

Бжьаниа алаҵа ҟазымҵо аҵарадырра аусхк аусзуҩцәа русура иамырхырц рыдигалеит

Аҿкчымазара ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәаразы 800 миллион рҟынӡа иақәхарџьуп.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит аҵарадырра аусх аҟны аус зуа аҿкчымазаразы алаҵа ҟазымҵо русурақәа иамырхырц. Абри атәы иҳәеит, ԥхынҷкәын 8 азы Гагра араион анапхгареи активи алархәны имҩаԥгаз инарҭбаау аилацәажәараҿы.
Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит ихьысҳаны, хымԥада уи риашатәуп.

"Ари аус аҟны ҳара аԥара наҳхуеит. Ҳрыҳәоит. Ҳара ари аус аҭыԥ акәҵашьа ҳақәшәаӡом. Арҵаҩцәа зегьы ирыдышәҵа алаҵа ҟарҵарц. Русурақәа ирымшәх алаҵаҟаҵара иақәшаҳаҭым зегьы", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахада.

Аслан Бжьаниа, иара убасгьы аҵарадырра аусбарҭа аусзуҩцәа ирыдиҵеит ашколқәа рыҟны алаҵаҟаҵаразы аамҭеихшара еиқәдыршәарц. Бжьаниа иҳәеит ари ааус иара ҷыдала хылаԥшра шаиҭало.
Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа лажәахә аҟны илҳәеит, араион аҟны алаҵа "Спутник V" 666-ҩык ишыҟарҵахьоу, "Спутником Лайт" акәзар 709-ҩык иҟарҵахьеит.