Аԥсны

Гагра араион ахада абиуџьет анагӡара азы аҳасабырба ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион анапхгареи активи алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигоит.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион ахада Иури Хагәышь абиуџьет анагӡаразы, араион алагалақәеи аныхрақәеи рзы аҳасабырба ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа.
Ажәахә аҿы Хагәышь иазгәеиҭеит араион апрофицит шаанарԥшыз.
"Гагра араион абиуџьет ахь ишәахтәуи ишәахтәыми алагалақәа рыплан ашықәс алагамҭазы 350 миллион мааҭ ыҟан. Иахьазы алагалақәа 508 миллион мааҭ ыҟоуп. Ирызҳаит араион ахадара ахатәы лагалақәагьы", - ҳәа иҳәеит Хагәышь.
Иара иҳәеит арҭ арбагақәа ашәахтә инспекциа аусуреи ахатә лагалақәеи ишрылҵшәоу. Ари иалнаршеит аҭыԥантәи абиуџьет алагалатә хәҭа аплан ацҵара.
Хагәышь иҳәеит 2021 шықәса жәамз рыҩнуҵҟа абиуџьет аныхратә хәҭа 160 миллион мааҭ ацҵара шалыршахаз. Арҭ аԥарақәа еихшоуп араион аҩнуҵҟа, аиҳара агәабзиарахьчара иазырхоуп.
Хагәышь ишиҳәаз ала, ииасыз ашықәс азы иаахәан ареанимобиль, ацхыраара ласы амашьына 8 миллионки 700 нызқьмааҭ ҳәа, имҩаԥган алабораториа аиҭашьақәыргылара 4 миллионки 200 нызқь мааҭ ҳәа, ишьақәыргылан аҵәыҵәри ишиашоу анеира 2 миллионки 100 нызқь мааҭ ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа жәеиза мза аплан 127% рыла инагӡоуп
Гагратәи ахәшәтәырҭа хада акәша-мыкәша ишьҭаҵан акаҭран миллионки 800 нызқь мааҭ ҳәа, иаахәан арентген-хархәага, аҵәыҵәритә баллонқәа, ахәшәтәырҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2 миллион мааҭ ҳәа.
Иури Хагәышь иазгәеиҭеит, 2014 - 2020 шықәсқәа рзы абиуџьет ишамоуз 273 миллион мааҭ рҟынӡа. Усҟантәи аамҭақәа рзы араион дотациатә раионны иҟан.