Аԥсны

Гагра ауааԥсыра ҩышықәса рыҩнуҵҟа 21 миллион мааҭ аматериалтә цхыраара рыҭоуп

Sputnik
ГАГРА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра ауааԥсыра ҩышықәса рыҩнуҵҟа 21 миллиони 500 нызқь мааҭ аматериалтә цхыраара рыҭоуп ҳәа иҳәеит аилацәажәараҿы араион ахада Иури Хагәышь.
"Зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу, аҽыхәшәтәра зҭаху уҳәа рырзаҳалқәа гәыгәҭаҳажьуам. 2020 - 2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа 21 миллиони 500 нызқь мааҭ аматериалтә цхыраара ҟаҵоуп. Зқьи хәышәҩык рҟынӡа ацхыраара рыҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Хагәышь иара убасгьы иҳәеит 2021шықәса нҵәаанӡа аҵара араионтә ҟәша ахыбра, Акультура аҩны, Гагратәи абжьаратә школ №4, Пицундатәи абжьаратә школ №1 рхыбқәа шырԥсахуа. Ари зегьы 13 миллион 500 нызқь мааҭ ақәхарџьтәхоит.